
Мҵәыжәак змоу аҧсаатә
Мҵәыжәак змоу аҧсаатә Асцырақәа аӡын аҧсаатә хәыҷқәа ракәзаап, – ауаҩы игәыхәтәы, игәаҳәара назыгӡо, аха уи амаӡа аӡәгьы издыруамызт, уи аӡҕаб хәыҷ лыда. Уи ҧхыӡ илбеит асцырақәа шыҧсаатәыз, иахьынтәаауаз ртәыла. Шьхаран, сыла иҭаҳәҳәан аҧсабара зегьы, уахь мҵәыжәҩада неишьа ыҟаӡамызт, уахь амҩақәа аркын. Урҭ аҧсаатәқәа рыда уи атәылаҿ уаҩ дынхаӡомызт. Дара бжьы рхаӡамызт, блала еицәажәон, еибадыруан, еилибакаауан. Адунеи зегь иакәшон, иҟаз, ианыз зегь рдыруан, ацхыраара зҭахыз ицхраауан, аха уи зегь ҿымҭ. Шықәсык ахь знык ирыман аамҭа адунеи акәшара, амҵәыжәҩа аиҵыхра. Урҭ ҧшын, рыҧырра аамҭа ааигәахацыҧхьаӡа ргәы ҭыҧсаауан, нас раамҭа анааилакь ишьҭыҧраауан, ҿымҭ рыҧсы ӡаны аилагьежьра иналагон, – аӡын ҧсаатә хәыҷқәа, асцырақәа. Ҳара еиҧшушәа иаабо зынӡа еиҧшӡамызт, урҭ ирыман досу рхырҿқәа, рыхьӡқәа, рҟазшьақәа. Аҧсаатә хәыҷқәа адгьыл ахь иаауан ахәыҷқәа дыргәырҕьарц, идырхәмарырц, рыгәҭакы нарыгӡарц. Урҭ раҧхьа избаз, зыгәҭакы зҳәаз, игәҭакы ҟалон. Мҵәыжәҩак акәын ирымаз. Иҟәашӡа аҳауа иналаӡуан аӡын аҧсаатә хәыҷқәа, – асцырақәа. Ашықәс ҿыц ауха урҭ аҧсаатәқәа ахәыҷқәа ргәаҳәара нарыгӡоит. Шәрыҳәар, шәгәы иҭоу раҳауеит, инарыгӡоит. Урҭ аӡын аҧсаатә шкәакәақәа ахәыҷқәа бзиа ирбоит, анасыҧгьы рзыршоит. Урҭ анаауа адгьылахь иааргоит агәырҕьара, аразра, ацқьара, абзиабара. Урҭ ирдыруеит ахәыҷқәагьы, адуцәагь шырзыҧшу. Урҭ хымҧада иаҳзаауеит, насыҧ ҳарҭарц, агәырҕьара ҳзыршарц. Уаҵәтәи амш шылашо агәыҕра ҳазҭо аӡын аҧсаатә шкәакәа – асцырақәа.
Download