Аибадырра

Аибадырра   Шәааи иацаҳҵап аҽҵыс Мархәаци аласба хәыҷы Дамшәи шеибадырыз, нас ишеиҩызцәахаз атәы аиҭаҳәара. Ишысҳәахьоу еиҧш убри ашҭаҿы Мархәаци Дамшәи рыда инхозаарын Ҵис-миаау захьӡыз ацыгә ҧшқагьы. Уи ҕраҷкәынӡа, ахәы ҟәымшәышәӡа, агәышҵа хәыҷ шкәакәаӡа, алақәа гызмалӡа акәын ишыҟаз. – Узусҭада уара? – иҵааит Мархәаци Дамшәи гачамкны. Ахаан ирымбацыз аҧстәы хәыҷынӡара иахәаҧшуа. – Сара Ҵис-миаау соуп, ацгәы Фына аҧа, – убас ауп сыхьӡҵәҟьа шыҟоу, аҳәеит уи, иаҵамхаӡакәа, аҽырзажәны. СараАҽы Кәантра аҧа Мархәац соуп. Ари сҩыза Ала Дыргьажь аҧа Дамшә ауп, – аҳәеит аҭакс аҽҵыс. – Аха дыҟоуп абри аҩнаҿы ҷкәына хәыҷык. Уи Ҵис аҭыҧан Ӡис ҳәа саиҳәоит. Сыхьӡ уаҳа изымҵеит, – аҳәеит аҽыргәааны ацгәы ҧшқа. Уи иабаргәуи. Дыҟахуп Ҵиф ҳәа сазҳәало ӡҕаб хеилыжәжәа хәыҷыкгьы. Ҵифка ҳәа хьӡыс исызҭаз. Лара лакәҵәҟьоуп уи ахьӡ знаало. Дамшәи Мархәаци ацыгә хәыҷы ргәы иаарыцҳанашьеит. – Уара аҩыза думоума? – иҵааит урҭ. Аха Ҵис – миаау аҩыза захьӡу аздыруамызт. Иаҳаз уамашәа ибаны, аблақәа ҭырхаха инарҿаҧшит. – Уара ухала заҵәык уоума араҟа инхо? – Мап сара сан ацгәы Фынагьы ара иҟоуп. Уажәы даара ҳаилахоуп. Сан Фына аҳәынаҧкышьа снарҵоит. – Шәара ижәдыруама аҳәынаҧ акышьа? Уи даара иус дуӡӡоуп, – аҳәеит Ҵис – Ӡис – Ҵиф захьӡыз ацгәы ҧшқа, аҽырҧагьангьы Мархәаци Дамшәи инарыхәаҧшит. Уи еиҧш аус зегьы ирылшом. Иҟалап уи аҩыза шәара зынӡа ишәзымҵаргьы, – ҳәа аанаго. Абас иҟалеит Аҽҵыси, Аласбеи, Ацгәыҧшқеи раҧхьаӡатәи реибадырреи реицәажәареи. Наҟ-наҟ ирзыҧшызаарын иҵегьы аџьашьахәу ахҭысқәа. Аха уи нас.
Download